Владимир Путин  Украинаҟны аиҿцәажәарақәа рҿы апозитивтә аиҭакрақәа дрылацәажәеит
Владимир Путин  Украинаҟны аиҿцәажәарақәа рҿы апозитивтә аиҭакрақәа дрылацәажәеит

Урыстәыла ахада Владимир Путин ишааицҳаз ала, Украинаҟны аиҿцәажәарақәа рҿы апозитивтә аиҭакрақәа иҟоуп. Иара ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Москва Алеқсандр Лукашенкои иареи реиҧылара алагамҭазы.

«Ҳәарада, украианатәи ахырхарҭала иҟоу аҭагылазаашьеи аиҿцәажәарақәеи ирызкны аиформациа наӡа шәысҭоит. Ҳган аҟынтә аиҿцәажәаҩцәа ишсарҳәаз ала, апозитивтә аиҭакрақәа иҟоуп», — иҳәеит Путин.

Иара убас, Владимир Путини Алеқсандр Лукашенкои дара ирзышьақәыргылоу асанкциақәагьы ирылацәажәеит.

«Ҳәарада, иацтәи ахҭысқәеи, аҧкрақәеи, асанкциақәеи ирыдҳәаланы апроблемақәа иҟоуп.  Ҧаса шәареи ҳареи ишаҳҳәахьаз еиҧш,  ҳҿиара аанкылара аҽазкрақәа уаанӡагьы иҟан, уажәы аҧкрақәа иаҳа иҭбаахеит.  Агәра ганы сыҟоуп ҧасеиҧш уажәгьы абарҭ ауадаҩрақәагьы ҳшырхысуа, иаҳа ҳшыҕәҕәахо, ҳхьыҧшымра иаҳа ишыҕәҕәахо», — иҳәеит Урыстәыла ахада.