Владимир Путин  - Амҩа иаша ҳануп, ҳажәлар ринтересқәа ҳахьчоит, ҳтәылауаа ринтересқәа рыхьчара ада уаҳа мҩак ҳамам, аха, ари апроцесс иалахәы аганқәа зегьы рацәажәара ҳазыхиоуп
Владимир Путин  - Амҩа иаша ҳануп, ҳажәлар ринтересқәа ҳахьчоит, ҳтәылауаа ринтересқәа рыхьчара ада уаҳа мҩак ҳамам, аха, ари апроцесс иалахәы аганқәа зегьы рацәажәара ҳазыхиоуп

 

Урыстәыла ахада Владимир Путин иҳәамҭала,  Урыстәыла  еимактәыс иҟоу азҵаарақәа зегьы аиҿцәажәарақәа рыла рҭыҧқәҵара еснагь иазҿлымҳан.

„ Амҩа иаша ҳануп ҳәа сгәы иаанагоит, амилаҭтә интересқәа,  ҳажәлар ринтересқәа ҳахьчоит, ҳтәылауаа ринтересқәа рыхьчара ада уаҳа мҩак ҳамам. Ари апроцесс иалахәы аганқәа зегьы рацәажәара ҳазыхиоуп, аха, уи дара ирусуп, дара роуп аиҿцәажәарақәа рзы мап зкуа“, –  иҳәеит Путин.