Викториа Нуланд - Нато алахәызаара азҵаара аппликант тәылақәеи алианс иалоу 30 тәылақәеи ирусуп, ари азҵаара вето ақәҵара азин аӡәгьы имам
Викториа Нуланд - Нато алахәызаара азҵаара аппликант тәылақәеи алианс иалоу 30 тәылақәеи ирусуп, ари азҵаара вето ақәҵара азин аӡәгьы имам

Нато алахәызаара азҵаара аппликантә тәылақәеи алианс иалоу 30 тәылақәеи ирусуп, ари азҵаара вето ақәҵара азин аӡәгьы имам, – илҳәеит ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Викториа Нуланд.

“Аҩадаатлантикатә еиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, алианс ашәқәа НАто астандартқәа ирышьашәалоу атәылақәа зегьы рзы аартуп.

Алианс иалалаз, Алианс алахәызаара зҭаху атәылақәа иҟоуп, арҭ атәылақәа иреиуоуп Украина, Қырҭтәылеи егьырҭ атәылақәеи,” – илҳәеит Нуланд.

Иара убас Нуланд ишазгәалҭаз, Нато Урыстәылазы ашәарҭа аанарԥшуам Урыстәыла Нато азы ашәарҭа аарԥшра аҭахымхар. Нуланд лажәақәа рыла, Нато ахыхьчаратә еиҿкаароуп, уи алианс иалоу атәылақәа рыхьчара ауп хықәкыс иамоу.