Викториа Нуланд - ЕАШ Украина азаанарԥшыз ацхыраара ахылаԥшраз, Киев америкатәи аудитцәа иаҭааит
Викториа Нуланд - ЕАШ Украина азаанарԥшыз ацхыраара ахылаԥшраз, Киев америкатәи аудитцәа иаҭааит

ЕАШ Украина азаанарԥшыз ацхыраара ахылаԥшраз, Киев америкатәи аудитцәа иаҭааит, – илҳәеит ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Викториа Нуланд Асенат аҿы данықәгылоз.

“Ацхыраареи абџьари ахықәкы иашьашәалам хархәара ҟамларц азы, администрациа наҟ-наҟгьы ари азҵаара ацклаԥшра нанагӡоит. Ҳареи Адунеитә банки, аконсультациатә аилахәыра Deloitte-и, Киев иҟоу ЕАШ аиҳабыратә аудиторцәа ргәыԥи  аусеицура ҳабжьоуп”, илҳәеит Нуланд.

Викториа Нуланд лажәақәа рыла, ЕАШ ареформақәа рымҩԥгареи антикоррупциатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгареи рҿы Украина ацхыраара нанагӡоит.

ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Урыстәыла аганахьала ишьақәгылоу асанкциақәа рырмариарагьы дахцәажәеит. Нуланд лажәақәа рыла, Урыстәыла Украина аҟынтә ар алнагар, ЕАШ асанкциақәа рырмариара азыхиоуп.