Вахтанг Гомелаури Шәамахьтәыла аполициа аиҳабы диԥылеит
Вахтанг Гомелаури Шәамахьтәыла аполициа аиҳабы диԥылеит

Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури аофициалтә визитла Шәамахьтәылатәи ареспубликаҿ дыҟоуп. Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Шәамахьтәыла аполициа аиҳабы Ваҳе Ӷазариан диԥылеит.

Аиԥылара иалагаанӡа Вахтанг Гомелаурии аделегациа алахәылацәеи, Шәамахьтәыла аполициа аиҳаби амаҵзура анагӡараан иҭахаз аполициа аусуҩцәа рмемориалтә ӷәы аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеи.

Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Шәамахьтәылатәи ареспубликаҿ Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури ицны идәықәлеит аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Шалва Бедоиӡеи, аминистр ихаҭыԥуаа – Иосеб Ҷелиӡеи Гиорги Буҭхузии.

Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апрессмаҵзура аинформациа ала, аофициалтә аиԥыларақәа рҿы Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи Аҩнуҵҟатәи аусқәа  рминистррақәа ирыбжьоу аусеицура арҭбаареи арҿиареи ирыхәаԥшит.