Вахтанг Гомелаури иажәақәа рыла, Сагареџьо аоперациа ҷыда ихыркәшоуп
Вахтанг Гомелаури иажәақәа рыла, Сагареџьо аоперациа ҷыда ихыркәшоуп

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури иажәақәа рыла, Сагареџьо аоперациа ҷыда ихыркәшоуп. Аминистр ажурналистцәа ишраиҳәаз, арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы  уажәы ишәарҭам.

Аминистр иажәақәа рыла, хәҩык ҭахеит, ахәрақәа зауз ауааԥсыра рҟынтә аӡәы иҭагылазаашьа цәгьоуп.

«Арыцҳара ду ҟалеит. Аҭаацәарақәа срыдашшылоит. Хәҩык ҭахеит, урҭ рҟынтә аӡәы ҳусуҩ иоуп. Хәҩык ахәрақәа роуит, аӡәы аоперациа изыҟарҵоит, иеиқәырхара ирылшо ирылымшо макьана идырым», — иҳәеит Вахтанг Гомелаури.

Аминистр ишазгәеиҭаз, ахҭыс зыхҟьаз аӡәгьы издырӡом.

«Атәылауаҩ инхарҭантә автоматтә бџьарла ахысра далагеит. Аҩны иԥа, зықәра инеихьаз ахаҵа дыҟан. Зны барҵак аҟынтә далагеит ахысра, нас аҩбатәи абарҵантә. Абри аус уажәы иаадыруа», — иҳәеит Вахтанг Гомелаури.

Аминистр иажәақәа рыла, ацәгьоуҩы 2021 шықәсанӡа Қырҭтәыла арбџьарбмчқәа рҿы аус иуан.

Гомелаури ишазгәеиҭаз ала, агәыԥ ҷыда ахаҭарнакцәа аҩны ианыҩнала, ацәгьауҩы иԥсыбаҩ рыԥшааит.

Аминистр ажурналистцәа ишраиҳәаз, арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы  уажәы ишәарҭам.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә информациала, Сагареџьо аҭыԥ змаз ахысраан хәҩык ҭахеит, хәҩык ахәрақәа роуит. Аинформациа инақәыршәаны, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иашьашәалоу агәыԥқәа Сагареџьо амобилизациа рзууп, имҩаԥысуеит аоперативтә-усԥшааратә уснагӡатәқәа.

“Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, 1974 шықәсазы ииз Н.А. аҩнеихагыла ду абарҵантә ахысра далаган, ԥшьҩык ҭахеит, аҩны ашҭаҿ хәҩык ахәрақәа роуит. Ацәгьауҩы аполициа аусуҩцәа рхырхарҭалагьы ахысра далагеит, дҭахеит аполициа хаҭарнакык. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҭыԥ ахь иацҵаны амчқәа рмобилизациа ашьҭахь, ацәгьоуҩы иҽишьит. Аҭыԥ аҿы аус руеит иашьашәалоу агәыԥқәа рспециалистцәа”, – иануп Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз адырраҿ.