Вахтанг Гомелаури – Баҭым акорпус абгара амшла аҧҽыхақәа рыҵаҟа иаанхеит 10-15ҩык ауааҧсыра
Вахтанг Гомелаури – Баҭым акорпус абгара амшла аҧҽыхақәа рыҵаҟа иаанхеит 10-15ҩык ауааҧсыра

Қырҭтәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури иҳәамҭала, Баҭым акорпус абгара амшла аҧҽыхақәа рыҵаҟа иаанхеит 10-15ҩык ауааҧсыра.

Иара иажәақәа рыла, аҭыҧаҿы аҭагылазаашьа цәгьоуп.

«Акорпус аподиездк ишеибгаз, 5 еихагылак еилаҳаит, аусеилыргара ҳалагахьеит.  Абри арыцҳара зыхҟьаз еилаҳкаауеит.  Уажәазы иҳамоу аинформациала, аҧҽыхқәа рыҵаҟа иҟоуп  10-15ҩык ауааҧсыра. Ҩыџьа заҵә рҟны аимадара иҟоуп, рыҧса ҭоуп, ҭелла иҳацәажәоит, аха, иахьыҟаҵәҟьоу аҭыҧ рыздырӡом.  Шәҩык раҟара аиқәырхаҩцәа аус руеит. Иашьашәалоу амаҵзурақәа зегьы абра иҟоуп. Иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит излауа ала ирласны ауаа ҭыҳгарц азыҳәан», — иҳәеит Гомелаури.