Вахтанг Гомелаури - Анапхгара ирылшо зегь ҟарҵоит украинатәи ҳҩызцәа рҭагылазаашьа цәгьа хәыҷык еиӷьхарц азы, аибашьра ихыркшароуп
Вахтанг Гомелаури - Анапхгара ирылшо зегь ҟарҵоит украинатәи ҳҩызцәа рҭагылазаашьа цәгьа хәыҷык еиӷьхарц азы, аибашьра ихыркшароуп

Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури иажәақәа рыла, Қырҭтәыла анапхгара ирылшо зегь ҟарҵоит украинатәи аҩызцәа рҭагылазаашьа цәгьа хәыҷык еиӷьхарц азы, аибашьра ихыркшароуп.

Гомелаури ишааицҳаз, адунеитә лидерцәа, алидер-тәылақәа ирылшо зегь ҟарҵароуп Украина аибашьра ихыркәшар азы.

“Украина азҵаара сазааҭгылар сҭахуп. Украина аҭагылазаашьа цәгьуоп, есымша иаҳа-иаҳа уадаҩхоит. Ахәҷқәа, аҳәса, зықәра инеихьоу ауаа рыԥсҭазаара иалҵуеит. Ҩымчыбжь ҵуеит аҭынч тәылауаа аҽыҵәахырҭақәа рҿы ӡыда, фатәыда, фымцалашарада иҟоижьҭеи. Ари аибашьра ихыркәщароуп. Адунеитә лидерцәа, алидер-тәылақәа ирылшо зегь ҟарҵароуп Украина аибашьра ихыркәшар азы. Қырҭтәыла анапхгара ирылшо зегь ҟарҵоит украинатәи аҩызцәа рҭагылазаашьа цәгьа хәыҷык еиӷьхарц азы,” – иҳәеит Гомелаури.