Имереҭи Аполициатә департамент аусзуҩцәа, аоперативтә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧганы, анаркотикқәа рацәаны закәандарала раахәареи рыҵәахреи ахарадҵарала, Украина ҩыџьа атәылауаа ааныркылеит.
«Ахара зду ауаа рынхарҭақәа реимдараан иаарҧшын анаркотикатә хархәагақәа — кокаинаи метадони рацәаны. Иара убас, азинхьчаҩцәа уааҵәҟьа ирбеит анаркотикқәа реихшареи рҭаҧсареи азы иаҭаху аполиетелентә пакетқәеи аелектронтә акапангақәеи», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адырраҿы.
Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 20 шықәсанӡа ма аҧсранӡа аҭакра.