The Telegraph – Германтәыла анапхгара НАТО ахь Украина алалара азҵаара ахырҧара рҭахуп, избанзар, Урыстәылаҟны аибашьра ашәарҭара ҟалар ауеит ҳәа ргәы иаанагоит
The Telegraph – Германтәыла анапхгара НАТО ахь Украина алалара азҵаара ахырҧара рҭахуп, избанзар, Урыстәылаҟны аибашьра ашәарҭара ҟалар ауеит ҳәа ргәы иаанагоит

Британиатәи аҭыжьымҭа  The Telegraph адыррала, Германтәыла анапхгара НАТО ахь Украина алалара азҵаара ахырҧара рҭахуп, избанзар, Урыстәылаҟны аибашьра ашәарҭара ҟалар ауеит ҳәа ргәы иаанагоит. Аҭыжьымҭа ари аинформациа азҭаз ауаҩы ихьӡ имҳәеит.

Иара ишиҳәаз ала иааиуа амчыбжь азы Вильниус имҩаҧысраны иҟоу НАТО асаммитаҿ Германтәыла анапхгара аидгылаҩцәа рахь ааҧхьара ҟарҵоит  НАТО ашҟа Украина алалара акәымкәа,   Украина ашәарҭадара агарантиа аҭара иаҳа   иазхәыцырц.

The Telegraph адыррала, Берлин ирҭахӡам Путин НАТО аҧҟанҵа ахәбатәи ахәҭаҷ иҧишәарц. Ари ахәҭаҷ инақәыршәаны,  авлианс иалоу тәылак ажәылара алианс зегьы ажәылароуп иаанаго.

Уаанӡа ари азҵаара далацәажәеит Америка ахада Џьо Баиден. Иара ишиҳәаз ала, ари азҵаара алацәажәара заацәоуп, избанзар Алианс алахәылацәа ари азҵааразы еиқәшаҳаҭымхацт.