Стив Уиткоффи Владимир Путини реиҧылара мҩаҧысуеит
Стив Уиткоффи Владимир Путини реиҧылара мҩаҧысуеит

Америка ахада Дональд Трамп ихаҭарнак ҷыда  Стив Уиткофф Владимир Путин диҧылоит. Кремль апресс-маӡаныҟәгаҩ  Дмитри Песков ари аинформациа шьақәирҕәҕәеит.

Москва имҩаҧысуа аиҿцәажәарақәа ирылахәып Урыстәыла ахада ицхырааҩ Иури Ушакови Урыстәылатәи ишиашо аинвестициақәа рфонд анапхгаҩы  Кирилл Дмитриеви.

Уаанӡа  Владимир Путини Стив Уиткоффи еиҧылеит мшаҧы 11 рзы. Санкт-Петербург имҩаҧгаз аиҧылара 4 сааҭки бжаки инагӡахеит.