Швеицариа имҩаҧысуа жәларбжьаратәи аконфренциаҿы Украина аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу апринципқәа аус рыдырулеит
Швеицариа имҩаҧысуа жәларбжьаратәи аконфренциаҿы Украина аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу апринципқәа аус рыдырулеит

Швеицариа имҩаҧысуа жәларбжьаратәи аконфренциаҿы Украина аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу апринципқәа аус рыдырулеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит CNN.

Аконференциа иалахәып  40 еиҳаны атәылақәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарқәеи ахаҭарнакцәа.

«Лугано адекларациа» захьӡу адокумент ала иазҧхьагәаҭоуп аибашьара ашьҭахь Украина кыраамҭалатәи аекономикатәи атехнологиатәи цхыраара аҭара.

Швеицариа ахада  Иниацио Кассис, ишиҳәаз ала, арҭ апринципқәа шьақәгылоуп аартызаареи, апартниорреи,   азинеиҟарареи ашьаҭала.

Иацы Украина аҧыза-министр ишааицҳаз ала,  Украина аиҭашьақәыргыларазы  750 миллиард адоллар аҭаххоит. Иара иҳәамҭала, ари аҧара еизгатәуп  аҳәаанырцә Урыстәыла иамырхыз активқәа рҟынтәи.