Шарль Мишель - Китаи ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Украина аибашьра ахыркәшараҿ ҳацхраарц, Урыстәыла жәларбжьаратәи азин аилагаразы аҭак ҟаиҵар ауп
Шарль Мишель - Китаи ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Украина аибашьра ахыркәшараҿ ҳацхраарц, Урыстәыла жәларбжьаратәи азин аилагаразы аҭак ҟаиҵар ауп

Евроеидгылеи Китаи еиқәшаҳаҭхеит Украина имҩаԥысуа аибашьра аглобалтә шәарҭадареи адунеитә економикеи рзы ашәарҭа шаанарԥшуа. Ари аҭагылазаашьа Китаи Евроеидгылеи ринтересқәа ирылам, – иҳәеит Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель Евроеидгылеи Китаи ронлаин саммит ашьҭахь имҩаԥгаз апрессконференциа аҿы.

Мишель иажәақәа рыла, Китаи Урыстәыла жәларбжьаратәи зин игәымбылџьбароу аилагаразы аҭак азуроуп.

„Ҳара аибашьра шымҩаԥысуа иаабоит. Путин ахәыҷқәа, аҳәса инирҵәоит, ақалақьқәа дрықәлоит, ари жәларбжьаратәи зин игәымбылџьбароу еилагароуп. Евроеидгыла ихадоу априоритетқәа ирылоуп ирласӡаны ари аибашьра ахыркәшареи украинатәи жәлар рыхьчареи роуп. Акризистә ҭагылазаашьаҿ адиалог мҩаԥгатәуп. Евроеидгылеи Китаи еиқәшаҳаҭхеит Украина имҩаԥысуа аибашьра аглобалтә шәарҭадареи адунеитә економикеи рзы ашәарҭа шаанарԥшуа. Ари аҭагылазаашьа Китаи Евроеидгылеи ринтересқәа ирылам”, – иҳәеит Шарль Мишель.

Шарль Мишель асанкциақәа дрыхцәажәан, Урыстәыла иаҿагыланы алагалаз асанкциақәа Европагьы анырра ду рымоуп. Аха, Мишель иажәақәа рыла, ари адемократиеи ахақәиҭреи рыхьчара ахә ауп.