Шәамахьтәылеи Азербаиџьани аҳәааҿ ахысра иазкны адырра ҟарҵеит
Шәамахьтәылеи Азербаиџьани аҳәааҿ ахысра иазкны адырра ҟарҵеит

Шәамахьтәыла Атәылахьчара аминистрра адыррала,  аҭыҧантәи аамҭала асааҭ  6:00 рзы азербаиџьантәи арбџьармчқәа аминаршәагақәа рыла шәамахьтәылатәи апозициақәа иреихсуа иалагеит,  хҩык ахәрақәа роуит.

Азербаиџьан Шәамахьтәыла ахаранаҵоит амца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭра аилагара. Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрраҿы ишырҳәаз ала,  дара аҭак ҟарҵоит.

«Иахаьа шьыжь инаркны Шәамахьтәыла арбџьармчқәа аҭагылазаашьа дырцәгьеит. Азербаиџьантәи арбџьармчқәа рпозициақәа аминаршәагақәа рыла иреихсуеит. Азербаиџьан аҭак ҟанаҵоит», — иануп Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭаҿы.