Шәамахьтәылатәи АИХ адыррақәа рыла, Ереван апротесттә акциаан 111ҩык активистцәа аанкылан
Шәамахьтәылатәи АИХ адыррақәа рыла, Ереван апротесттә акциаан 111ҩык активистцәа аанкылан

Шәамахьтәылатәи АИХ адыррақәа рыла, Ереван апротесттә акциаан 111ҩык активистцәа аанкылан. Дара ахулиганра рхарарҵоит.

Шәамахьтәыла аҳҭнықалақь аҿы аиҳабыра рыҩны аҧхьа имҩаҧысуаз акциаан аиҿагылара ҟалеит. Аполициа адыррқәа рыла, хҩык азинхьчаҩцәа ахәышәтәырҭақәа рахь инагоуп.

Лаҵара алагамҭа инаркны Шәмахьтәыла апротесттә акциақәа мҩаҧысуеит. Аоппозициаа атәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан аҳәынҭқарратә интересқәа рыҧсахреи Азербаиџьан аҿаҧхьа ахьацреи ихарарҵоит.

Активистцәа Ҧашиниани иеиҳабыреи рамхра иаҳәоит.