Шәамахьтәыла ахада Никол Ҧашиниан атәыла аҧыза-министрс дҟаиҵеит
Шәамахьтәыла ахада Никол Ҧашиниан атәыла аҧыза-министрс дҟаиҵеит

 

Шәамахьтәыла ахада Никол Ҧашиниан атәыла аҧыза-министрс дҟаиҵеит. Иахьа Армен Саркисиан иашьашәалоу адҵа инапы аҵаиҩит.

Уаанӡа, апарламенттә фракциа «Атәылауаҩаратә аиқәшаҳаҭра» анапхгаҩы  Аик Конџьориан атәыла ахада Армен Саркисиан аӡбара издәықәыиҵеит Никол Ҧашиниан аҧыза-министр иҭыҧ азы кандидатс иқәыргылара иазкны.

Шәамахьтәыла Аконституциа ала, Амилаҭтә аизара аилазаара ҿыц аусура ианалагалак, атәыла ахада, зыҧшра ҟамҵакәа, апарламенттә аиҳара идаргало акандидат аҧыза-министрс дықәиргылоит.

Ҧашиниан Шәамахьтәыла аҧыза-министр инапынҵақәа наигӡон.