Шәамахьтәыла Антикоррупциатә комитет  ажәалагала ҟанаҵеит алхыҩцәа рхыхра асхемақәа ирылахәы аполитикатә мчқәа алхратә процесс алахәызаара азин рымхразы
Шәамахьтәыла Антикоррупциатә комитет  ажәалагала ҟанаҵеит алхыҩцәа рхыхра асхемақәа ирылахәы аполитикатә мчқәа алхратә процесс алахәызаара азин рымхразы

Шәамахьтәыла Антикоррупциатә комитет  ажәалагала ҟанаҵеит алхыҩцәа рхыхра асхемақәа ирылахәы аполитикатә мчқәа алхратә процесс алахәызаара азин рымхразы.

Антикоррупциатә комитет ахантәаҩы  Артур Наапетиан аиустициа аминистр  Србуи Галиан иахь аҳәара ҟаиҵеит азакәанҧҵара аҧсахрақәа алагалара иалагарц.

 Арменпресс адыррақәа рыла, аҳәамҭа иануп:

«Алхратә процессқәа раан азакәанра аиқәыршәара аҵакы ҷыда амоуп.  Убри аҟынтә, Антикоррупциатә комитет 2026 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа раҧхьа иҟаҵаз акоррупциатә ацәгьаурақәа раарҧшра иазку аусқәа  реилыргара алҵшәақәа реихшьаала ҟаҵаны, арҭ ацәгьаурақәа рмеханизм шьақәнаргылеит. Убри ашьаҭала, Шәамахьтәыла Антикоррупциатә комитет ахантәаҩы  аиустициа аминистр   иахь аҳәара ҟаиҵеит алхыҩцәа рхыхра асхемақәа ирылахәы аполитикатә мчқәа алхратә процесс алахәызаара азин рымхразы азакәанҧҵара аҧсахрақәа алагалара иалагарц».