Рашәара 15 рзы аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит Сербиа ахада Алеқсандр Вучич
Рашәара 15 рзы аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит Сербиа ахада Алеқсандр Вучич

Рашәара 15 рзы аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит Сербиа ахада Алеқсандр Вучич. Иара иҧшәмаҧҳәыси аҳәынҭқарратә делегациеи ицзаауеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла ахада иадминистрациа.

Дара рдыррақәа рыла, Сербиа ахада иҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧгахоит апрезиденттә аханаҿ, асааҭ  15:35 рзы, убри ашьҭахь, Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии Сербиа ахада Алеқсандр Вучичи ишиашо реиҧылара мҩаҧгахоит, аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-ганктәи аусеицуреи апартниорра арҭбаареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәоит.