Алеқсандр Вучич — Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии иҧҳәыс Ҭамари аныҳәазы сасра иаҳҭааит, ҳажәларқәа рҵасқәа даараӡа ишеиҧшу еилыскааит
«Асербцәеи ақырҭуааи рҵасқәа даараӡа ишеиҧшу еилыскааит», — иҩит Сербиа ахада Алеқсандр Вучич асоциалтә аҳаҿы.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла ахадеи иҧҳәыси аныҳәазы сасра иҭааит.
«Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвилии иҧҳәыс Ҭамари аныҳәазы сасра иаҳҭааин, уи ала аҭабура ду ҳзаадырҧшит. Ҳажәларқәа рҵасқәа даараӡа ишеиҧшу еилыскааит», — иҩит Алеқсандр Вучич.
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили иҳәамҭала, Сербиа ахада аҩныҟа диҧхьеит Николаи ацқьа имш инамаданы.