Иракли Ҕарибашвили Сербиатәи ареспублика ахада Алеқсандр Вучич диҧылеит

09:41, 06.10.2023

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Сербиатәи ареспублика ахада – Алеқсандр Вучич диҧылеит Гранада, Европа аполитикатә аилазаара асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аиҧылара алахәылацәа атәылақәа рыбжьара аиҩызаратәи, ҩ-ганктәи, аганрацәалатәи еизыҟазаашьақәеи, иара убас, наҟ-наҟ аусеицуразы иҟоу аперспективақәеи ирылацәажәеит.

Еиԥшу