Алеқсандр Вучич – Ааигәаӡатәи 48 сааҭ ирылагӡаны Иран аахареи егьырҭ зҵакы дуу ахҭысқәеи ҟалоит 
Алеқсандр Вучич – Ааигәаӡатәи 48 сааҭ ирылагӡаны Иран аахареи егьырҭ зҵакы дуу ахҭысқәеи ҟалоит 

«Ааигәаӡатәи 48 сааҭ ирылагӡаны Иран аахареи егьырҭ зҵакы дуу ахҭысқәеи ҟалоит», – иҳәеит Сербиа ахада  Алеқсандр Вучич.

Иара иажәақәа рыла, адунеи зегьы ашәарҭара иҭагылоуп, хара имгакәа арратәи аполитикатәи аиҭакрақәа ҟалоит.

Вучич  адунеиаҿ имҩаҧысуа ахҭысқәеи апотенциалтә арратә хҭысқәеи еидҳәаланы,   аҭоурыхтә хҭысқәа ирҿаирҧшит.  Вучич  Моника Левински лус игәалаиршәан, ишазгәеиҭаз ала, лассы-лассы, АИХқәа рҿы аҭыӡшәа ду анцәырҵуа  (иаҳҳәап, Епштеин уажәтәи идокументқәа), даҽа хҭыскахь хшыҩзышьҭра аиагара амзызла, аҧжәарақәеи ажәыларақәеи ирызку аӡбарақәа рыдыркылоит.