Шьалуа Папуашвилии Гьаргь Вольскии аҳәыҷқәеи аҿари реиҭашьақәыргыларатә центр „Амратә қәыҧшылара“ иаҭааит
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, апарламент актәи авице-спикер Гьаргь Вольскии, апарламенттә аиҳара алахәылацәа Рима Бераӡеи Ирма Заврадашвилии, иара убас, Қарҭ Сакребуло агәабзиарахьчареи асоциалтә зҵаарақәеи рзы акомиссиа ахантәаҩы Зураб Чиквилаӡеи аҳәыҷқәеи аҿари реиҭашьақәыргыларатә центр „Амратә қәыҧшылара“ иаҭааит.
Адепутатцәа ари ацентр ирҿыцу аинфраструктура рбан, уаҟа иҟоу зылшарақәа амаҷу ахәыҷқәа аҳамҭақәа рырҭеит.
Зыӡбахәы ҳәоу ацентр аҿы ахылаҧшра ҷыда зҭаху 50ҩык раҟара ахәыҷқәа аҵаратәи асоциалтә программақәа ирхысуеит.
Азакәанҧҵаратә орган наҟ-наҟгьы ари ацентр аҟны аусеицура нанагӡоит.
Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла апарламент.