Шьалуа Папуашвили - Жәабала шықәса ҵит мшаҧы 9 аухаз Апатриарх ауаа агәҽанҵара риҭеижьҭеи, „ашәарҭара ҳҭагылоуп“ ҳәа реиҳәеит, иахьа ашәарҭара ҳҭагылаӡами?! Ашәарҭара даҽа сахьак аиуеит, аха, ақәыӡӡаауам
Ҳара ҳзы мшаҧы 9 ҩ-хҭыск ирыдҳәалоуп, 1989 шықәса мшаҧы 9 аухаз иҟалаз арыцҳареи 1991 шықәса мшаҧы 9 рзы Қырҭәтыла ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылареи. Арҭ ахҭысқәа еиҧшым, аха, ҕәҕәала еидҳәалоуп, – иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.
Шьалуа Папуашвили ишазгәеиҭаз ала, 35 шықәса ирылагӡаны, аҳәынҭқарра ауадаҩрақәа рацәа зцу ихьанҭаӡоу амҩа иануп.
„Мшаҧы 9 ҳаналацәажәо, раҧхьа иргыланы, 1989 шықәса ҳгәалаҳаршәоит. Усҟан изакәытә рыцҳароу иҟалаз шәгәалашәозар ҟалап. Аха, хара имгакәа, ҩышықәса рышьҭахь, 1991 шықәса мшаҧы 9 рзы, апарламент уажәтәи аханаҿ, Қырҭтәыла ахьыҧшымра еиҭашьақәгылан.
35 шықәса ирылагӡаны, аҳәынҭқарра ауадаҩрақәа рацәа зцу ихьанҭаӡоу амҩа иануп. Ари амҩаҿ имаҷымкәа агхақәа ҟаҳҵеит, уи азы ахә ду ашәара ҳақәшәеит35 шықәса ирылагӡаны, аҳәынҭқарра ауадаҩрақәа рацәа зцу ихьанҭаӡоу амҩа иануп. Изныкымкәа ҳаҵахахьан, ҳкаҳахьан, аха, анеҩс, еснагь ҳшьапы ҳақәгылон. Ахаангьы аҵахара ҳҽанрааломызт, ҳагхақәа иаҳдырҵаз рацәоуп. Ахьыҧшымра ахьанҭареи, ахәи, аҳаҭыри еилаҳкааит. 35 шықәса рыла аҧышәа ду ҳаит.
Ахьыҧшымреи, ахақәиҭреи, асуверинитети ус баша иаҳҳәо ажәақәам. Уи ҳҷыдаҟазшьароуп, ҳақәҧара иахылҵыз алҵшәоуп, уи аӡәгьы изҳамихуам“ – иҩит Папуашвили.
Мшаҧы 9 иҟалаз арыцҳара инаркны 37 шықәса ҵит.