Шьалуа Папуашвили - Хәажәкыра 31 рзы ақырҭуа жәлар аҳ иԥсахра ма еиӷьу атәра алхра акәымкәа, ахақәиҭреи ахьыԥшымреи алырхит
Ажәлар хәажәкыра 31 рзы имҩаԥгаз ареферендум алҵшәақәа еиҭашьақәдырӷәӷәеит жьҭаара 26 рзы имҩаԥгаз апарламенттә алхрақәа рҿы – Қырҭтәыла аҳәынҭқарра ахақәиҭра хьчатәуп, – иҩит асоциалтә ҳаҿы Қырҭтәыла апарламнт ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили иажәақәа рыла, ахьыԥшымра есымшатәи аусзура иабзоуроуп.
“1991 шықәса хәажәкыра 31 рзы зегьеицырзеиԥшу ареферендум аҿы зҵаара заҵәык иқәгылан “Қырҭтәыла аҳәынҭқарра ахьыԥшымра аиҭашақәыргылара шәақәшаҳаҭума ҳәа”, Қырҭтәыла зехьынџьара аҭак заҵәык “Ҳақәшаҳаҭуп” ҳәа иҟаҵан.
Ари аӡбамҭа шьаҭас аҭаны, Звиад Гамсахәырдиа ареферендум жәымш рышьҭахь, Қырҭтәыла ахьыԥгымра ирылеиҳәеит. Иахьа Звиад Гамсахәырдиа имшиироуп, иара 86 шықәса изыҵуазаарын.
Қырҭтәыла ахьыԥшымра есымшатәи аусура иабзоуроуп. 34 шықәа ирылагӡаны Қырҭтәыла ари амҩала иныҟәоит, ауадаҩра цәгьақәа рыҿагылара алшоит. Ари ақәԥара ихыркәгам, ахаангьы ихыркәшахрм.
Қырҭтәыла абиԥарақәа зегьы ахатә ҳәынҭқарра ахьчара, ахӡыӡаара, арӷәӷәара руалуп.
Хәажәкыра 31 рзы ажәлар Асовет Еидгылеи, уи анырреи, адиктати мап рыцәнакит. Хәажәкыра 31 рзы ақырҭуа жәлар аҳ иԥсахра ма еиӷьу атәра алхра акәымкәа, ахақәиҭреи ахьыԥшымреи алырхит. Ақырҭуа жәлар иҟарҵаз алхымҭазы, ахәынҭқарра ахьчаразы ахә цәгьа ршәеит.
Убри аҟынтә, ҳхьыԥшымра атәра ҿыц ала аԥсахреи, ахьыԥшы ҿыц иалхреи, атәым тәылақәа ринтересқәеи рныррақәеи аларҵәареи зин аӡәгьы имаӡам.
Ажәлар хәажәкыра 31 рзы имҩаԥгаз ареферендум алҵшәақәа еиҭашьақәдырӷәӷәеит жьҭаара 26 рзы имҩаԥгаз апарламенттә алхрақәа рҿы – Қырҭтәыла аҳәынҭқарра ахақәиҭра хьчатәуп”, – иҩит Папуашвили.