Шьалуа Папуашвили – Рыцҳарас иҟалаз, тәылақәак ҧасатәи рсоветтә ҭоурых рхамшҭкәа, егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи ажәларқәеи рықәҕәҕәара аметодқәа рхы ишадырхәо ҳбоит
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иҳәамҭала, Евроеидгылаҟны авизадатә режим аанкыларазы изакәызаалак азинтә шьаҭак иҟам.
Папуашвили иажәақәа рыла, авизадатә режим шьақәырҕәҕәоуп Қырҭтәылеи Евроеидгылеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрала, уаҟа еилыкка иарбоуп аганқәа рзинқәеи рыҧхықәрақәеи.
«Евроеидгылаҟны авизадатә режим аанкыларазы изакәызаалак азинтә шьаҭак иҟам. Аха, ахаҧышәареи шьаҭак зҵам аӡбарақәеи рызҧхьагәаҭара ҳалшом. Иаҳҳәап, адипломатиатә паспортқәа змоу ауаа авизадатә режим рзаанкылара афакт ҳбеит, уи 2010 шықәсазы Қырҭтәылеи Евроеидгылеи ирыбжьарҵаз жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭра аилагароуп иаанаго.
Рыцҳарас иҟалаз, аҧҟарақәа рышьаҭала ишьақәыргылаз жәларбжьаратәи аиҿкаара шыҟам ҳбоит. Џьоукы азинтә ҧҟарақәа ракәымкәа, амч аҧҟарақәа рхы ишадырхәо ҳбоит. Рыцҳарас иҟалаз, тәылақәак ҧасатәи рсоветтә ҭоурых рхамшҭкәа, егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи ажәларқәеи рықәҕәҕәара аметодқәа рхы ишадырхәо ҳбоит», — иҳәеит Папуашвили.