Шьалуа Папуашвили — Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ аҭырқәа арратә ҳаирплан акаҳара иадҳәаланы адашшылара ҟасҵар сҭахуп, ари арыцҳараан аҭырқәа жәлар ҳрыдгылоуп
«Ари арыцҳараан аҭырқәа жәлар ҳрыдгылоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Иара иажәақәа рыла, иаха иара Ҭырқәтәыла апарламент ахантәаҩы дидашшылеит.
«Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ аҭырқәа арратә ҳаирплан акаҳара иадҳәаланы адашшылара ҟасҵар сҭахуп. Иаха Ҭырқәтәыла апарламент ахантәаҩы сидашшылеит, ргәырҩа рыцеиҩаҳшоит. Ари арыцҳараан аҭырқәа жәлар ҳрыдгылоуп», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.