Шьалуа Папуашвили – Пиа Каума алхрақәа рышьҭахь иҟалаз ахҭысқәа ирызкны ҳлацәажәеит, сара  ОБСЕ амиссиа алахәылацәа алхрақәа рыцклаҧшразы ҭабуп ҳәа расҳәеит
Шьалуа Папуашвили – Пиа Каума алхрақәа рышьҭахь иҟалаз ахҭысқәа ирызкны ҳлацәажәеит, сара  ОБСЕ амиссиа алахәылацәа алхрақәа рыцклаҧшразы ҭабуп ҳәа расҳәеит

«ОБСЕ Апарламенттә Ассакмблеиа ахада Пиа Каума ҳанылҧылоз, алхрақәа рышьҭахь иҟалаз ахҭысқәа ҳрылацәажәеит. Сара ОБСЕ амиссиа алхрақәа рыцклаҧашраан имҩаҧыргаз аусуразы ҭабуп ҳәа ласҳәеит», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Иара иҳәамҭала, алхрақәа ирыдҳәаланы ОБСЕ анаҧшратә миссиа ицәырыргаз аҳасабырба зегьы пату ақәырҵароуп, уи аҵакы ду амоуп.

«Сара ОБСЕ Апарламенттә ассамблеиа ахада сылҧылеит, ишыжәдыруа еиҧш,  2024 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа раан лара ОБСЕ анаҧшратә миссиа дахагылан. Ҳара алхрақәа рышьҭахь иҟалаз ахҭысқәа ҳрылацәажәеит.  Сара ОБСЕ амиссиа алхрақәа рыцклаҧашраан имҩаҧыргаз аусуразы ҭабуп ҳәа ласҳәеит.  Алхрақәа ирыдҳәаланы ОБСЕ анаҧшратә миссиа алахәылацәа ицәырыргаз аҳасабырба зегьы пату ақәырҵароуп, уи аҵакы ду амоуп. Ари адокумент апарламенттә алхрақәа рылҵшәақәа рлегитимра шьақәнарҕәҕәоит», — иҳәеит  Папуашвили.

Апарламент ахантәаҩы ишазгәеиҭаз ала, аганқәа рхаҭарнакцәа  алхрақәа рышьҭахь ОБСЕ иҟанаҵаз абжьагарақәагьы ирылацәажәеит.