Шьалуа Папуашвили - Иахьа аҩныҵҟатәи адәныҟатәи аҩаӡараҿы ишьақәырҕәҕәоуп Хазараӡеи Џьаҧариӡеи амц шырҳәо, „амцҳәаратә партиа“ алахәызаареи адгылареи амцҳәара алахәызаароуп иаанаго
Ҧшьымш ҵуеит Вашингтонтәи арбитраж ишьақәнарҕәҕәеижьҭеит Хазараӡеи Џьаҧариӡеи имцырку ашшыҧхьыӡқәа рыла ҳуааҧсыра 1,5 миллиард адоллар (Қырҭтәыла абиуџьет 15%) рцәырҕьычыр шырҭахыз. Уаанӡа уи шьақәырҕәәҕан Парижтәи арбитражи ақырҭуа аиашаӡбареи рыла, – иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.
Папуашвили иажәақәа рыла, „иара убас, уаанӡа, аӡбарала ишьақәырҕәҕәан Хазараӡеи Џьаҧариӡеи ауаа рбанк иаларҵаз 17 миллион адоллар шырҕьычыз“.
„Иахьа аҩныҵҟатәи адәныҟатәи аҩаӡараҿы ишьақәырҕәҕәоуп Хазараӡеи Џьаҧариӡеи аполитикатәи афинанстәи ганахьала амц шырҳәо. Иара убас, ишьақәырҕәҕәоуп атәыла анапхгара аетапқәа зегьы раан ииашаны рхы шымҩаҧыргоз. Хазараӡе, азарал иоузшәа ихы аарҧшны, апартиа Лело еиҿикааит, уигьы рплан иаҵанакәан.. Ҧшьымш ҵуеит Вашингтонтәи арбитраж ишьақәнарҕәҕәеижьҭеит Хазараӡеи Џьаҧариӡеи имцырку ашшыҧхьыӡқәа рыла ҳуааҧсыра 1,5 миллиард адоллар (Қырҭтәыла абиуџьет 15%) рцәырҕьычыр шырҭахыз. Уаанӡа уи шьақәырҕәәҕан Парижтәи арбитражи ақырҭуа аиашаӡбареи рыла. „Лело“ аҕьычкәырратә амцҳәаратә партиоуп. „Амцҳәаратә партиа“ алахәызаареи адгылареи амцҳәара алахәызаароуп иаанаго“, – иҩит Папуашвили.
Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра иаланарҵәаз аинформациа инақәыршәаны, Мамука Хазараӡеи Бадри Џьаҧариӡеи Анаклиатәи абаҕәаза иазку аус аҿы Вашингтонтәи арбитраж аҿгьы иаҵахеит. Зыӡбахәы ҳәоу аимак аҳәаақәа ирҭагӡаны, Хазараӡеи Џьаҧариӡеи голландиатәи апартниор Боб Меиер иҟынтә 64 миллион адоллар иаҳәон, аха, арбитраж рыҳәара мап ацәкны, Қырҭтәыла аиҳабыра 6,5 миллион адоллар рызшәара рыднаҵеит.