Шьалуа Папуашвили иапониатәи акорпорациа ITOCHU адиректорцәа рхеилак алахәыла диԥылеит
Шьалуа Папуашвили иапониатәи акорпорациа ITOCHU адиректорцәа рхеилак алахәыла диԥылеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иапониатәи акорпорациа ITOCHU адиректорцәа рхеилак алахәыла, анагӡаратә офицер хада Ҳироуки Цуба диԥылеит.

Қырҭтәыла апарламент апрессмаҵзура аинформациа ала, аганқәа Қырҭтәыла иҟоу ихырҳагоу аинвестициатә ҭагылазаашьеи Қырҭтәыла атранзиттә потенциали рыхцәажәеит.

Аиԥылара мҩаԥган Шьалуа Папуашвилии Қырҭтәыла аделегациеи Иапониаҿ рвизит аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аделегациа иалоуп Мамука Мдинараӡе, Шоҭа Хабарели, Иракли Мезурнишвили, иара убас апарламент ахантәаҩы икабинет аиҳабы Леван Махашвили.