Шьалуа Папуашвили - Иагьа умҳәан, аха, усҟантәи аамҭазы Асовет Еидгыла ацентр ишҳахәаԥшуаз еиԥш, уажәы Брюссельынтә иҳахәаԥшырц азакәӡам ҳара Москва ҳзацәцаз
Бриуссель европатәи апринципқәа ишатәарымбо аабоит, арҭ апринципқәа, раҧхьа иргыланы, аиҿцәажәареи адиалоги ирызкуп, иахьа Бриуссель европатәи азнеишьа рымам, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.
Папуашвили иажәақәа рыла, бриуссельтәи абиурократиа рҟынтә ажәыларақәеи имцырку анаративқәеи шыҟоугьы, Қырҭтәыла, аекономикатә ганахьала ҧхьаҟацара иаҿуп, ҳтәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи еиқәыршәоуп.
„ Иагьа умҳәан, аха, усҟантәи аамҭазы Асовет Еидгыла ацентр ишҳахәаԥшуаз еиԥш, уажәы Брюссельынтә иҳахәаԥшырц азакәӡам ҳара Москва ҳзацәцаз. Дара роуп ари азҵаара зыӡбаша. Уи даҽазнык иаанарҧшуеит абиурократцәа даҽа тәылак аҿы ауаа шырымбо, ақырҭуаа шырымбо. Дара ақырҭуа жәлар рҿаҧхьа рхы азарал азааргоит. Қырҭтәыла ҳалацәажәозар, бриуссельтәи абиурократиа рҟынтә ажәыларақәеи имцырку анаративқәеи шыҟоугьы, Қырҭтәыла, аекономикатә ганахьала ҧхьаҟацара иаҿуп, ҳтәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи еиқәыршәоуп. Убри аҟынтә, азарал ҳалацәажәозар, ақырҭуа жәлар рҿаҧхьа Бриуссели Бриуссель арепутациеи ауп азарал зауа“, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.