Шьалуа Папуашвили - Ҳара аукраин жәлар ҳрыдгылоит, Зеленскигьы Бриуссельгьы ҳара ҳҟынтә адгылара рыхәҭам, Зеленски абзиара изеилкаауам
«Ҳара аукраин жәлар ҳрыдгылоит, Зеленскигьы Бриуссельгьы ҳара ҳҟынтә адгылара рыхәҭам, Зеленски абзиара изеилкаауам», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Иара Украина иадҳәаланы ЕАР иаднакылаз арезолиуциа иазкны иазҵааит. Қырҭтәыла ари арезолиуциа иадгылеит. 51 ҳәынҭқаррақәа абжьыҭира иалахәымызт, урҭ иреиуп Америкеи, Китаии, Венгриеи.
«Зеленски Қырҭтәыла аиҳабыра алахәылацәа асанкциақәа анизышьақәиргылоз Британиа Ду иабаҟаз? Иара абзиара изеилкаауам, сара сымацара сакәӡам уи зҳәо. Америка ахадагьы уи иеиҳәеит. Ҳара аукраин жәлар ҳрыдгылоит. Зеленски иҟаиҵаз иҧхашьагоу аҳәамҭақәа шәгәаласыршәар сҭахуп. Ақырҭуаа иҭахарцаз аибашьрахь идәықәҳамҵеит, убри амшала иара Қырҭтәыла иҟаз Украина ацҳаражәҳәаҩ дирхынҳәит. Ҭабуп ҳәа ҳаиҳәааит, аха, иара иҟынтә аҭабурагьы ҳҭахым. Иҟаҳҵо зегьы аукраин жәлар раҳаҭыр аҟынтә иҟаҳҵоит. Зеленски аукраин жәлар рҟынтә ихәҭоу аҭак иоуеит», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.