Шьалуа Папуашвили – Ҳара аескалациеи ҩ-ганктәи асанкциақәеи ҳтәыла арбгареи мап рцәаҳкит, убри амшала, Европаҿ џьоукы иҳазгәааит
Ҳара аескалациеи ҩ-ганктәи асанкциақәеи ҳтәыла арбгареи мап рцәаҳкит, убри амшала, Европаҿ џьоукы иҳазгәааит, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламентт ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Ташкент ақырҭуа журналистцәа данрацәажәоз.
Папуашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аделегациа алахәылацәа Бельгиа аҩ-палатак рхантәаҩцәа ианырҧылоз, ари азҵаара иалацәажәеит.
„Ҳәарада, Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа ҳрылацәажәеит. Дара интересс ирыман аибарххара зыхҟьаз. Ҳара ираҳҳәеит аҵыхәтәантәи хышықәса рыҩныҵҟа ҳтәылаҿ изакәытә процессқәоу имҩаҧысуаз. Украина аибашьра ианалага инаркны Қырҭтәылантә ирҭахыз раҳҳәеит. Ҳара аескалациа ҳақәшаҳаҭхар акәын ирҭахыз, аха, уаанӡа аҭынчрат әполитика амҩаҧгара ҳабжьаргон.
Иахьа зегьы ибзианы еилыркаауеит Украина имҩаҧысуа аибашьра ахыркәшаранӡа ишнеиз, аганқәа зегьы хшыҩзышьҭра дула ари апроцесс иацклаҧшуеит, избанзар, ганкахьала, зегьы Украина иадгылоит, аха, аамҭакала, зегьы ибзианы ирбоит ашәарҭара шдуу, дара аҭынчра иадҳәаланы ирымаз агәыҕрақәа намгӡахар шыҟало рбоит. Ҳара уи ҳахысхьеит, ҳара ҳҿы иҟаз аибашьра ашьҭахь аамза анҵы, Урыстәылеи Америкеи реизыҟазаашьақәа еиҭахәаҧшны, Бриатаниеи Франциеи рбџьармчқәа, украинатәи аруаагьы, лаҵара жәбар рзы Ашҭа Ҟаҧшь аҿы апарад рхы аладырхәит. Абри зегьы ҳбахьеит, убри аҟынтә, аӡәгьы ҳиқәгәыҕуам. Ҳара ҳажәлари ҳмилаҭтә интересқәеи ҳахьчароуп“, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.