Шьалуа Папуашвили - Еврокомиссиа апресс-спикер ақырҭуа жәлари ажәлар иалырхыз аиҳабыреи аурыс терминқәа рыла данрыхацәажәалак, еснагь ҳара ҳҟынтә аҭак ҕәҕәа лоуеит
Ҳуааҧсыра даҽазнык иргәаласыршәар сҭахуп Еврокомиссиа апресс-спикер цәыббра 23 рзы иҟалҵаз аҳәамҭаҿы ҳтәыла аиҳабыра рыхҳәаразы еиҿкааз жьҭаара 4 акциа адгылара шазаалырҧшыз, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Апарламент ахантәаҩы иҳәамҭала, абри аҩыза аҳәамҭақәа ақырҭуа жәлари ажәлар иалырхыз аиҳабыреи ажәала ржәылароуп иаанаго, уи аҵыхәа ҧҵәатәуп.
„Аӡәгьы иалимхыз, лхатә напхгаҩцәа рыла иқәыргылоу абиурократк лҟынтә ақырҭуа жәлари ҳажәлар иалырхыз аиҳабыреи ажәала ржәылара ҳазыӡырҩуеит, уи ухахьы иузаагом. Араҟа европатәи астандартқәа рылацәажәарагьы аҭахым, ҳара уи ҳзақәшаҳаҭхом, избанзар, иалхымыз абиурократ даҽа тәылак адемократиатә принципла иалхыз аиҳабыра ишахәым ала дрыхцәажәоит. Апресс-спикер аурыс ҳәынҭқарреи амаҵзура ҷыдақәеи ҳаҿалырҧшуеит, ари аус даланахалеит, ахшыҩдаратә пропаганда мҩаҧылгоит. Уи еилкаауп, аха, апропагандагьы ахатә стильк амазар ауми. Лара ақырҭуа жәлари ажәлар иалырхыз аиҳабыреи аурыс терминқәа рыла данрыхацәажәалак, еснагь ҳара ҳҟынтә аҭак ҕәҕәа лоуеит. Ақырҭуа жәлар абри аҩыза азнеишьеи абас раҳаҭыр аларҟәреи рычҳараны иҟам. Биурократк, хыхьынтә дҳахәаҧшуа, ҳатәамбакәа, ақырҭуа жәлари ҳажләра иалырхыз аиҳабыреи ишакәым ала дрыхцәажәоит“, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.