Шьалуа Папуашвили – Евроеидгыла ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла иадҳәаланы ак рҳәаанӡа, апрезиденттә ахан ажәылара иақәыӡбароуп, ақырҭуа жәлар уи иазыҧшуп, Қырҭтәыла аарлаҳәа аилаҩынтәра иацәынхеит
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили ажурналистцәа ишреиҳаз ала, ақырҭуа жәлар акоуп иззыҧшу — мызкы ашьҭахь акәзаргьы, акомиссар Кос, 25ҩык аполицаицәа аахақәа ахьроуз апрезиденттә ахан ажәылара дақәыӡбароуп.
Папуашвили абҵара 4 рзы ицәыргараны иҟоу Евроеидгыла арҭбаара иазку ажәахә иазкны иазҵааит.
Шьалуа Папуашвили иҳәамҭала, жьҭаара 4 аиҿкаара иалахәын Евроеидгылеи Бриуссели рҟынтә аҧара зауа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәагьы, убри аҟынтә, Евроеидгыла ахаҭарнакцәа, Қырҭтәыла иадҳәаланы ак рҳәаанӡа, амчылара иақәыӡбароуп.
«Аҳәаанырцәынтә адгылара змоу ауаа аҳәынҭқарратә аарҳәра аҽазкреи апредиденттә ахан ажәылареи мҩаҧыргеижьҭеи мызкы ҵит. Мызкы ҵит, аха, еврокомиссарцәа, Косгьы Калласгьы, апрезиденттә ахан ажәылара ақәыӡбара ргәы иҭам. Ақырҭуа жәлар акоуп иззыҧшу — мызкы ашьҭахь акәзаргьы, акомиссар Косс 25ҩык аполицаицәа аахақәа ахьроуз апрезиденттә ахан ажәылара дақәыӡбароуп. Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ арҭ аполицаицәа ишыҟоугьы дымҵааит. Убри аҟынтә, ақырҭуа жәлар акоуп иззыҧшу — мызкы ашьҭахь акәзаргьы, акомиссар Кос, 25ҩык аполицаицәа аахақәа ахьроуз апрезиденттә ахан ажәылара дақәыӡбароуп, избанзар, жьҭаара 4 аиҿкаара иалахәын Евроеидгылеи Бриуссели рҟынтә аҧара зауа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәагьы. Убри аҽны Қырҭтәыла аарлаҳәа аилаҩынтәра иацәынхеит. Бриуссель еиуеиҧшым ахаҭарнакцәа асоциалтә аҳақәа рҿы амчылара иадгылон. Ҳшәарҭадаратә системеи, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи, егьырҭ аорганқәеи ракәымзҭгьы убри аҽны иҟалар зылшоз аӡәгьы издырӡом. Убри аҟынтә, раҧхьа иргыланы, дара амчылара иақәыӡбароуп», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.