Шьалуа Папуашвили - Евроеидгыла алидерцәа рҭакҧхықәрадатә политика Европа ацивилизациатә аҵыхәтәанӡа инанагеит, иахәҭоу аполитикатә аӡбарақәа рыдкылареи азнеишьақәа реиҭахәаҧшреи аҭахуп
«Евроеидгыла алидерцәа рҭакҧхықәрадатә политика Европа ацивилизациатә аҵыхәтәанӡа инанагеит, аекономикатә ҭышәынтәалара ахьыӡуа, акультуратә аҷыдаҟазшьара ахьеилаҳауа, европатәи аидеиа ахьеихабго аҭыҧанӡа инаргеит», — иҩит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.
Папуашвили иажәақәа рыла, Евроеидгыла уаҳа арҭ апроцессқәа ратәамбара залшом.
«Ҳара уаанӡагьы Бриуссель иазааҳарҧшуаз апроблемақәа уажәы дрылацәажәоит Евроеидгыла апартниор хада, Америка ахада, уи аҵакы ду амоуп. Уажәшьҭа уи Қырҭтәыла анапхгара рҟынтә агәҽанызаара мацара акәӡам, уи Мраҭашәара аҩныҵҟантә иҟаҵоу ишәарҭоу ардыргоуп. Европа иҿыхароуп, иаҳа-иаҳа иазҳауа асистематә кризис ду иалҵроуп. Евроеидгыла алидерцәа рҭакҧхықәрадатә политика Европа ацивилизациатә аҭыхәаҭанӡа инанагеит, аекономикатә ҭышәынтәалара ахьыӡуа, акультуратә аҷыдаҟазшьара ахьеилаҳауа, европатәи аидеиа ахьеихабго аҭыҧанӡа инаргеит. Евроеидгыла уаҳа арҭ апроцессқәа ратәамбара залшом. Иахәҭоу аполитикатә аӡбарақәа рыдкылареи азнеишьақәа реиҭахәаҧшреи аҭахуп», — иҩит Папуашвили.