Шьалуа Папуашвили Бельгиа ахаҭарнакратә палата ахадеи асенат аспикери дырԥылеит
Шьалуа Папуашвили Бельгиа ахаҭарнакратә палата ахадеи асенат аспикери дырԥылеит

Бриуссель визитла иҟоу Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Бельгиа ахаҭарнакратә палата ахада Елиане Тилиеи асенат аспикер Стефани Дҳои дырԥылеит.

Аиԥылараҿ аганқәа апарламентбжьаратә аусеицура арҭбаареи Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесси рыхцәажәеит.

Аганқәа иазааҭгылеит Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы иҟанаҵаз аҳәара. Иара убас, аиԥылараҿ ихадоу азҵаарақәа иреиуан Урыстәыла Украина имҩаԥнаго агрессиеи Украина адгылареи ацхыраареи рзаарԥшра.

Апарламенттә делегациа иалоуп Леван Иоселиании, Мака Боҷоришвили, Леван Қарумиӡеи.