Шьалуа Папуашвили - Азҵаарақәа иҟоума: дара ҳара ҳҟынтә Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәеи аескалациеи иаҳәозма? Ҳҭагылазаашьа злаҟо ала иарбанзаалак аескалациа - апотенциалтә еибашьра акәӡами иаанаго?
«Қырҭтәылазы амилаҭтә шәарҭадара — есымша иубарҭоу алабҿабароуп. Ҳтәыла ампыҵахалатә цәаҳәала еиқәшоуп, километрқәак рыла ҳаҳҭнықалақь иацәыхараны атәым ҳәынҭқарра арбџьармықәа гылоуп», — иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.
«Қырҭтәыла анапхгара џьоукы рполитикатә усхәаҧштә анагӡара акәымкәа, ахатә ҳәынҭқарреи ҳтәылауааи, аҭышәынтәалареи рыхьчароуп ируалу. Бриуссель аҟынтә иҳаҳауа акритика ибзианы иаанарҧшуеит дара ари алабҿабара шатәарымбо.
Шьыжьымҭа аҳәара иаҿуп Қырҭтәылантә аҩбатәи афронт аартра ҳаҳәомызт, шьыбжьон агәынамӡара аадырҧшуеит Қырҭтәыла Урыстәыла иахьаҿамгылаз азыҳәан, уи цинизмуп.
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа еиҭасҳәар сҭахуп:
“Ҳара Урыстәыла ахырхарҭала ишиашо ареисқәа раанкылара ҳаӡбеит, Урыстәыла атәылауаа Евроеидгыла атәылақәа рахь анеира азин роумам, Урыстәылаҟны ахәаахәҭра ҳармаҷит. Убри аамҭазы, Қырҭтәыла урыстәылатәи атуристцәеи абизнеси ашәқәа рзаанартуеит, ҩ-тәылак рыабжьара ахәаахәҭра азҳара иаҿуп”.
Иззеилымкаауа зегьы даҽазнык ирасҳәар сҭахуп: Қырҭтәыла абарҭ аҧкрақәа шьақәнаргыларц азыҳәан мҩа зацәык ауп иҟоу — Урыстәыла ҳаҿагыланы ҩ-ганктәи асанкциақәа шьақәҳаргылароуп.
Азҵаарақәа иҟоуп: дара ҳара ҳҟынтә Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәеи аескалациеи иаҳәозма? Ҳҭагылазаашьа злаҟо ала иарбанзаалак аескалациа – апотенциалтә еибашьра акәӡами иаанаго? Ари аибашьраҿы ҳара ҳамацара ҳаибашьыр акәхон.
Насгьы, Бриуссель аҟынтә иҳаҳауа акритика мзызсҵәҟьас иамоу жәдыруама?
Ҧшьышықәса раҧхьа Қырҭәтыла анапхгара дара рыҳәара нарыгӡазҭгьы, иахьа Қырҭтәыла ирбгазаауан, ҳекономика еилаҳауан, ҳмилаҭ иџьабон, аха, уи аамҭазы, адунеи еиуеиҧшым акәакьқәа рҟынтә ҵакык змам аҳәамҭақәа ҳарзыӡырҩуан.
Қырҭтәылазы амилаҭтә шәарҭадара — есымша иубарҭоу алабҿабароуп. Ҳтәыла ампыҵахалатә цәаҳәала еиқәшоуп, километрқәак рыла ҳаҳҭнықалақь иацәыхараны атәым ҳәынҭқарра арбџьармықәа гылоуп. Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы Қырҭтәыла анапхгара џьоукы рполитикатә усхәаҧштә анагӡара акәымкәа, ахатә ҳәынҭқарреи ҳтәылауааи, аҭышәынтәалареи рыхьчароуп ируалу. Бриуссель аҟынтә иҳаҳауа акритика ибзианы иаанарҧшуеит дара ари алабҿабара шатәарымбо.
Ақырҭуа ҳәынҭқарра егьырҭ ополитикатә хықәкқәа рышьаҭала ахатә ҧеиҧш зҳәаақәнаҵом», — иҳәеит Папуашвили.