Шьалуа Папуашвили – Ацҳаражәҳәаҩцәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит адипломатиатә еизыҟазаашьақәа ирызку Венатәи аконвенциа аҳәаақәа ирҭымҵырц, аҧшәмара змоу атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽаларымгаларц
Шьалуа Папуашвили – Ацҳаражәҳәаҩцәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит адипломатиатә еизыҟазаашьақәа ирызку Венатәи аконвенциа аҳәаақәа ирҭымҵырц, аҧшәмара змоу атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽаларымгаларц

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили  ацҳаражәҳәаҩцәа зегьы рахь ааҧхьара ҟаиҵеит  адипломатиатә еизыҟазаашьақәа ирызку Венатәи аконвенциа аҳәаақәа ирҭымҵырц, аҧшәмара змоу атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽаларымгаларц. Папуашвили ари аҳәамҭа ҟаиҵеит абрифинг аҿы.

Папуашвили ишазгәеиҭаз ала, аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа рҽалагалара адипломатиатә миссиа ахаҭарнак ила жәларбжьаратәи азин аилагароуп.

„Сара иацгьы иазгәасҭеит, уаанӡагьы исҳәахьеит Франциа ацҳаражәҳәаҩ  иҳәамҭақәеи ацҳаражәҳәарҭа ауранагӡареи арадикалтә оппозициа адгылара ишазку. Сара ацҳаражәҳәарҭақәа зеьгы рахь ааҧхьара ҟасҵеит дара аҧара ззоурышьҭуа ауаа еиҿыркаауа акциақәа раан иҟоу амчылара афактқәа ирықәыӡбарц, аҵыхәтәантәи аамҭазы апарламент ахыбра ажәылара афакт ҟалеит хәажәкыра 31 рзы. Ахыбра аҧхасҭа аиуит. Ҧхынҷкәынтәи акциақәа раан абри аҩыза ажәыларақәа рымшала апарламент ахыбра миллионбжак лари рыхә аҧхасҭа аиуит. Рыцҳарас иҟалаз, абри аҩыза амчылара аӡәгьы дақәыӡбом, уи еиҳангьы, дара амчылара иақәшаҳаҭуп.

Америка ахада иҟаиҵаз аҳәамҭа ҳаҳаит, иара Франциа имҩаҧысуа ахҭысқәа  „арупапқәа рзы ашәарыцара“ ҳәа рыхьӡеиҵеит. Ҧшьымз раҧхьа Франциа ҧасатәи ахада Саркози иус ӡбаны, хышықәса аҭакра иқәырҵеит. Ужәы аоппозициатә амч хада алидери апрезиденттә алхрақәа рҿы аконкурент хадеи Ле Пен ҧшьышықәса лықәырҵеит.  Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы, Франциа ацҳаражәҳәаҩ ҳтәылаҿы аполитикатә ақәыҕәҕәара даналацәажәо, уи исериозым. Франциа анапхгара  аполитикатә оппонентцәа русқәа рыӡбоит.   „Фигаро“ ала имҩаҧгаз аҵыхәтәантәи аҭҵаарақәа инырқәыршәаны, Франциа ауааҧсыра  60% атәыла ахада иамхра иаҳәоит,  50% апарламенттә алхрақәа ҿыцқәа рҭахуп. Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы Франциа ацҳаражәҳәаҩ ақырҭуа аиашаӡбара даналацәажәо, ҳтәыла аполитикатә кризис иҭагылоуп ҳәа ианиҳәо, уи исериозым.

Ацҳаражәҳәаҩцәа зегьы рахь, Франциа ацҳаражәҳәаҩ иахьгьы, даҽазнык ааҧхьара ҟасҵоит  адипломатиатә еизыҟазаашьақәа ирызку Венатәи аконвенциа аҳәаақәа ирҭымҵырц, аҧшәмара змоу атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рҽаларымгаларц, избанзар, уи жәларбжьаратәи зин аилагароуп. Дара аус ахьыруа атәыла пату ақәырҵароуп, ҳажәлар пату рықәырҵароуп“, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.