Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили аофициалтә визитла Индиаҟа ддәықәлеит.
Қырҭтәыла апарламент аинформациа ишану ала, апарламент ахантәаҩы Ниу-Дели иҳараку аҩаӡараҟны аиҧыларақәа мҩаҧигоит.
Шьалуа Папуашвили анапхгара ззиуа аделегациа иалоуп: адәныҟатәи аимадарақәа рзы акомитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе, аекономикатә политиказы акомитет ахантәаҩы Шьоҭа Берекашвили, Индиаҟны аиҩызара агәыҧ анапхгаҩы Васил Чигогиӡе, афракциа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Грета Цицава.