Шьалуа Папуашвили - Администрациа ҿыц америкатә фондқәа рҧынҵа ҧырҵәаанӡа аӡәгьы иазхеиҵар иҭахымызт арҭ афондқәа егьырҭ атәылақәа рҿы аилаҩынтәразы аҧара шнырхуаз, Евроеидгыла афондқәа рҿгьы абри аҩызаҵәҟьа аҭагылазаашьа иҟоуп
Администрациа ҿыц америкатә фондқәа рҧынҵа ҧырҵәаанӡа аӡәгьы иазхеиҵар иҭахымызт арҭ афондқәа егьырҭ атәылақәа рҿы аилаҩынтәразы Америка абиуџьет аҟынтә аҧара шнырхуаз, Евроеидгыла афондқәа рҿгьы абри аҩызаҵәҟьа аҭагылазаашьа иҟоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.
Папуашвили австириатәи аҭыжьымҭа иаланарҵәаз аинформациа иазкны иазҵааит. Ари аинформациа инақәыршәаны, Еврокомиссиа иазханаҵеит европатәи аконсерваторцәа рхәаҽра амзызла, Евроеидгыла аҧарала армарахьтәи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа ишрыцхраауаз.
“Ҳара уи ҳҳәоижьҭеи акрыҵуеит. Ишаабо еиҧш, “Европатәи жәлартә партиа” агәынамӡара аанарҧшит Евроеидгыла абиуџьет аҟынтә алоббирразы аҧара ахьныхыз азы. Уи акәӡамзи ҳара иаҳҳәоз. Ари алоббизм Қырҭтәылагьы иубарҭоуп. Алхрақәа раҧхьа лабҿаба иаабон Евроеидгыла аҧара Ақырҭуа гәахәтәы алхраҧхьатәи акампаниа аҿагыларазы рхы ишадырхәоз, Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ихаҭагьы «Ақырҭуа гәахәтәы» иаҿагылаз акампаниа далахәын. Жьҭаара 20 рзы, алхрақәа рҟнынӡа мышқәак шагыз, апартиақәа ракәымкәа, Евроеидгыла аҟынтә аҧара зауаз иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа роуп афиналтә митинг еиҿызкааз. Абри алоббирреи, акоррупциеи, атәым ҳәынҭқарраҿ алхрақәа рҽалагалареи ауп алхрақәа раҧхьа иаабаз. Акомиссиа ахаҭагьы уи иазханаҵеит”, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.