Сергеи Лавров -  НАТО атәылақәа де-иуреи украинатәи аимак иалахәуп, уи аиадертә державақәа ишиашо реиҿагылара ашәарҭара азнарҳауеит
Сергеи Лавров -  НАТО атәылақәа де-иуреи украинатәи аимак иалахәуп, уи аиадертә державақәа ишиашо реиҿагылара ашәарҭара азнарҳауеит

 «НАТО атәылақәа де-иуреи украинатәи аимак иалахәып, уи аиадертә державақәа ишиашо реиҿагылара ашәарҭара азнарҳауеит», — иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Ашәарҭадара ахеилак анапхгарала имҩаҧысуаз афорум аҿы.

Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Мраҭашәара атәылақәа аднардырит  абри аҩыза асценари ҟалар шыҟамло,   аха, дара абарҭ адыррақәа  «иатәарбом, ма апропагандатә хықәкқәа рзы идырҩашьоит».

«Фактла иуҳәозар, НАТО Киев иадгыланы, ишиашо ари аимак иалахәып, уи аиадертә державақәа ишиашо реиҿагылара ашәарҭара азнарҳауеит», — иҳәеит  Лавров.

Аминистр иажәақәа рыла,  G7 асаммит аҿы атәылақәа рхаҭарнакцәа аадырҧшит Урыстәылеи Китаии ашәарҭара ду зхылҵуа аҿагылаҩцәа раҳасабала ишрыхәаҧшуа.

Лавров, ишиҳәаз ала, мрагыларахьала НАТО арҭбаара алагьы иубарҭоуп дара Гитлер иполитика ашьаҭақәа зныҧшуа аҽазышәарақәа шрымоу.