Сергеи Лавров - Гренладиа Америка ашәарҭадаразы аҵакы ду шамоу еиҧшҵәҟьа, Ҟрымгьы  Урыстәыла ашәарҭадаразы аҵакы ду амоуп 
Сергеи Лавров - Гренладиа Америка ашәарҭадаразы аҵакы ду шамоу еиҧшҵәҟьа, Ҟрымгьы  Урыстәыла ашәарҭадаразы аҵакы ду амоуп 

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иҳәамҭала,  Гренладиа Америказы аҵакы ду шамоу еиҧшҵәҟьа, Ҟрымгьы  Урыстәыла ашәарҭадаразы аҵакы ду амоуп. Иара ари аҳәамҭа ҟаиҵеит  2025 шықәсазы Урыстәыла адипломатиатә усура алҵшәақәа ирызкыз апресс-конференциаҿы.

Лавров ишазгәеиҭаз ала, «иахьа адунеиаҿ ҧаса Мраҭашәара иазыманшәалаз, адунеитә аиҿкаара еиқәзыршәоз аҧҟарақәа зегьы иаҧыхуп».

Иара иажәақәа рыла, уажәазы принципк ауп ахадаратә ҵакы змоу: «иаҳа иҕәҕәоу иоуп ииашоу», уи лабҿаба иубарҭоуп Китаи аекономикатә ҧыжәара иаҿагыло ақәҧара алагьы.

«Гренладиа Америказы аҵакы ду шамоу еиҧшҵәҟьа, Ҟрымгьы  Урыстәыла ашәарҭадаразы аҵакы ду амоуп. Урыстәыла ари аимак аҽаланагалом.

Китаии Урыстәылеи Гренландиа ампыҵахалара ргәы иҭам. Вашингтон уи ибзиаӡаны ирдыруеит. НАТО алахәылацәа зегьы рхала ари азҵааразы еиқәшаҳаҭхароуп», — иҳәеит  Лавров.