Сергеи Лавров - Украина Урыстәыла ахада ирезинденциа ажәылара рҽазыршәеит, Москва аиҿцәажәарақәа рҿы ахатә позициа еиҭахәаҧшуеит
«Украина Урыстәыла ахада ирезинденциа ажәылара рҽазыршәеит», – иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. Иара иажәақәа рыла, Москва аиҿцәажәарақәа рҿы ахатә позициа еиҭахәаҧшуеит.
Лавров ишиҳәаз ала, ҧхынҷкәын 28–29 ҵхыбжьон, украинатәи аган, 91 адронқәа, рыла Урыстәыла ахада ирезиденциа ажәылара рҽазыршәеит. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ишиҳәаз ала, аурыс арбџьармчқәа адронқәа зегьы иқәырхит.