Сергеи Лавров Алиаска имҩаҧысраны иҟоу урыстәыла – америкатә саммит ихы алаирхәоит
Сергеи Лавров Алиаска имҩаҧысраны иҟоу урыстәыла – америкатә саммит ихы алаирхәоит. Ари аинформациа аланарҵәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Иара убас, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишырҳәаз ала, аиҧылараҿы 2 тәылак реизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа зегьы ирылацәажәоит.
Америкеи Урыстәылеи рхадацәа нанҳәа 15 рзы Алиаска еиҧылоит.