Сергеи Лавров Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара аминистериалахь дахьынарышьҭыз амшала, Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр ари аминистериал ихы алаирхәом
Сергеи Лавров Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара аминистериалахь дахьынарышьҭыз амшала, Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр ари аминистериал ихы алаирхәом

Сергеи Лавров Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара аминистериалахь дахьынарышьҭыз амшала, Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр ари аминистериал ихы алаирхәом. Ари атәы иануп Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

«Украина ажәылара ашьҭахь раҧхьаӡа акәны урыстәылатәи аделегациа Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара аминистериалҿы рылахәызаара амшала, Урыстәыла ари аиҿкаара изҭанаргылаз акризис иаҳа иџьбарахоит», — иануп Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Киев ишырҳәаз ала, Урыстәыла Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара  ҧырхага азаанагоит, избанзар, Урыстәыла,  ари аиҿкаараҿы иҟоу аконсенсус апҟара цәгьашақә ахы анархәоит.

«Ашантажи ақәмақарреи рыла, Урыстәыла, зҵакы дуу аӡбарақәа рыдкылара иаҧырхагоуп.  Урыстәыла,  2024 шықәсазы  Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатә Аиҿкаараҿы Естониа ахантәаҩра иаҧырхагахеит. Иара убас, Урыстәыла, 500 мшы рыҩныҵҟа ари аиҿкаара хҩык украинатәи аусзуҩцәа закәандарала иаанкыланы ирымоуп. Урыстәыла ари аиҿкаара акризис иҭанаргылеит», — иануп Украина Адәнықҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ари аминистериал далахәып Аҩадатәи Македониа ааҧхьарала. Убри адагьы, Аҩадатәи Македониа аҳәарала, Болгариа, Сергеи Лавров иҳаирплан азы аҳаиртә қәыҧшылара аанартит. Сергеи Лавров Аҩадатәи Македониа имҩаҧысуа Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара аминистериал ихы алаирхәоит.