Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ инаҧхьара иазкны аинформациа аланарҵәеит  - Украинатәи аган Михаил Саакашвили ихәышәтәреи ихылаҧшреи азыҳәан Украинаҟа ииагара азҵаара зыҧшра ҟамҵакәа ахәаҧшра иазыхиоуп 

«Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь иҧхьаны, Қарҭҟа дхынҳәырц иҳәеит», — иануп Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.

Аминистрра адыррала, ацҳаражәҳәаҩ Гьаргь Зақарашвили Украина атәылауаҩ Михаил Саакашвили иҭагылазаашьа аицәахара иадҳәаланы агәынамӡара изаадырҧшит.

«Ақырҭуа дипломат иарҳәеит Михаил Саакашвили абас изныҟәара шыҟамло. Қырҭтәыла анапхгара Украина атәылауаҩ  иргәаҟра иаҟәыҵроуп. Абри азҵаара иадҳәаланы, Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Гьаргь Зақарашвили аконсультациақәа рымҩаҧгареи ари азҵаара ӡбашьак аҭареи азыҳәан  Қарҭҟа ахынҳәра ибжьаргеит», – ирҳәеит Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.

Украинатәи аган ишьақәдырҕәҕәеит Михаил Саакашвили ихәышәтәреи ихылаҧшреи азыҳәан Украинаҟа ииагара азҵаара зыҧшра ҟамҵакәа ахәаҧшра ишазыхиоу.