Украина адәныҟатәи амаҵзура –  Қырҭтәыла,  ахатә аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалареи Украина имҩаҧысуа аибашьреи иазымхәыцкәа иҟанаҵо ашьаҿақәа уамашәа иаабоит

Қырҭтәыла,  ахатә аҵакырадгьылқәа рымпыҵахалареи Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго аибашьреи иазымхәыцкәа, Урыстәылаҟны ишиашоу аҧыррақәа рымҩаҧгара иахьақәшаҳаҭхаз  уамашәа иаабоит  – украинатәи амедиа адыррала, ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Олег Николенко.

Украина адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишырҳәаз ала,  Қырҭтәыла ари аӡбара аднакылеит адунеи зегьы аибашьра аанкылара амзызла Москва ианақәыҕәҕәо аамҭазы.

„Абри ашьаҿа ҟаҵоуп Кремль  Қырҭтәыла аҵакырадгьыл  20 наӡына  ампыҵахалара анынанагӡо аамҭазы. Кремль ари ашьаҿа даараӡа иақәгәырҕазар ҟалап“, – иҳәеит Олег Николенко.