Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Михеил Саакашвили изку аҳәамҭа аланарҵәеит
Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аҳәамҭаҿ ишану ала, Михеил Саакашвили игәабзиара ацәгьахара иадҳәаланы агәынамӡара аадырԥшуеит.
“Украина атәылауаҩ икритикатә ҭагылазаашьа иазыԥхьагәаҭаны, ақырҭуа ган рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит уи иашьашәалоу амедицинатә цхыраара изаадырԥшырц, иара убас Михеил Саакашвили ихьырхәра анагӡара аҿҳәара ахыԥара уи европатәи ма америкатә ахәышҭәырҭахь днаргарц азы.
Қырҭтәыла анапхгара рахь ааԥхьара ҟаҵҳоит Ауаҩытәыҩса тзтнқәа рзы Украина иреиҳаӡоу Рада ахаҭаркак, Украина аомбудсмн Дмитри Лубинец Михаил Саакашвили иахь днарышьҭырц. Украина наҟ-наҟгьы Қырҭтәыла аҵакыраҿ иҟоу Украина атәылауаа рзинқәа рыхьчара ацкраԥшра нанагӡоит, урҭ дреиуоуп Украина атәылауаҩ Михеил Саакашвилигьы, уи жхақәиҭтәуп”, – Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аланарҵәаз аҳәамҭаҿ.