Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа аланарҵәеит Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩи Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Гьаргь Зақарашвилии реиҧылара иазкны
Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа аланарҵәеит Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩи Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Гьаргь Зақарашвилии реиҧылара иазкны

Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа аланарҵәеит Украина адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Евгени Перебииниси Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Гьаргь Зақарашвилии реиҧылара иазкны.

«Евгени Перебиинис ақырҭуа аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит  Киеви, Львови, Харькови, Николаеви, Гостомели агенераторқәа рыҭареи, Қырҭтәыла иҟоу украинатәи ахәыҷқәа рзы азҩыдахаратә программа амҩаҧгареи азыҳәан. Иара убас, иара ақырҭуа аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит урыстәылатәи агрессиа амшала Украина ақәҵра зықәшәаз Украина атәылауаа рыцхрааразы.

Аминистр ихаҭыҧуаҩ ишазгәеиҭаз ала, иара агәыҕра имоуп ақырҭуа аган рпозициа еиҭахәаҧшны, абџьари арратә техникеи рыла Украина иацхраауа аҳәынҭқаррақәа ирывагылап ҳәа, иара убас, Қарҭ  Евроеидгыла  Урыстәыла иазышьақәыргылаз  асанкциақәа Қарҭгьы ирықәныҟәалап ҳәа.  Ари аконтекст аҿы иара ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәылеи Урыстәылеи рыбжьара ишиашоу авиааимадара еиҭашьақәдыргылар ҟалап ҳәа аларҵәара зауз аинформациа даараӡа даргәамҵуеит. Ақырҭуа дипломат ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла Урыстәылатәи афедерациашҟа авиареисқәа реиҭашьақәыргылара агәы иҭам.

Убри адагьы, Евгени Перебиинис Украина атәылауаҩ Михаил Саакашвили игәабзиара аицәахара азҵаара дазааҭгылеит, иара ақырҭуа аган рахь ааҧхьара ҟаиҵеит Саакашвили ихәшәтәразы Украинаҟа, мамзаргьы даҽа тәылак ашҟа ииагара азҵаара иахәаҧшырц», — иануп Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.