Саломе Зурабишвили –  Украина адгыларазы  Польша иҟанаҵо шьҿақәа рыла иубарҭоуп ари атәыла Евроеидгыла алидерцәа ишреиу
Саломе Зурабишвили –  Украина адгыларазы  Польша иҟанаҵо шьҿақәа рыла иубарҭоуп ари атәыла Евроеидгыла алидерцәа ишреиу

Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи аиҿкаара  уажәтәи ахантәаҩы, Польша адәныҟатәи аусқәа рминистр  Збигнев Рау  Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили дылҧылеит. Ари атәы аарыцҳаит атәыла ахада ладминистрациа аҟынтә.

Аиҧылараан аганқәа рхаҭарнакцәа Украина имҩаҧысуа аибашьреи, арегион аҿы аҭагылазаашьеи, Украина адгылара иадҳәалоу азҵарқәеи ирылацәажәеит.

Аиҧылара ашьҭахь Збигнев Рау иаҵшьны иазгәеиҭеит Польша Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

Қырҭтәыла ахада ишазгәалҭаз ала, Украина адгыларазы  Польша иҟанаҵо шьҿақәа рыла иубарҭоуп ари атәыла Евроеидгыла алидерцәа ишреиу.

Атәыла ахада Польша адәныҟатәи аусқәа рминистр ҭабуп ҳәа иалҳәеит  Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла алалара апроцесс арццакра адгыларазы.